АҞӘА, цәыббра 4 - Sputnik. Аарҩара иахҟьаны Аҟәа араион аҿы аӡрыжәтә азхом, абри атәы арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.
"Аӡрыжәтә азымхара даара иҵарны иқәгылоуп, еиҳарак аарҩара аныҟоу. Акырҵуеит ақәа амуижьҭеи. Уи иахҟьаны Аҟәа араион ақыҭақәа реиҳарак аӡы рызхом", - иҳәеит иара.
Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, аӡы авариатә схемала анашьҭра рықәшәеит, еиланхарҭақәак рҿы мчыбжьқәак аӡы рымаӡам. Иара игәаанагарала, иахьатәи аамҭазы ирымоу аинфраструктура мацарала ари апроблема рзыӡбом.
Иара иажәақәа рыла, Аҟәа араион ахәҭак аӡрыжәтә аиуеит аҳҭнықалақь аҟынтәи, егьи ахәҭак - ахатәы ӡыҭгагатә станциақәа рҟынтәи.
Араионқәа рынхацәа аҵеиџьқәа, аӡыхьқәа, аӡиасқәа рахь ицаны аӡаагара рықәшәоит. Аӡәырҩы ацистернақәа рыхә шәаны аӡыржәтә аагара рықәшәоит, аԥара рыцәныҵуеит.