Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аиҳабыра ЛЖәРи, ДЖәРи, Украинеи рҟынтәи иааз ауаа рзы аԥарашәарақәа ирзыразхеит

Асоциалтә ԥарашәарақәа рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла ахада Владимир Путин нанҳәа 27 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 4 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабы иазыразхеит Урыстәылаҟа иааз Донецктәи Лугансктәи Жәлар Рреспубликақәа ртәылауаа аԥарашәарақәа рзоужьзарц. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.
Асоциалтә ԥарашәарақәа рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла ахада Владимир Путин нанҳәа 27 рзы. Иара иаҵанакуеит "иаалырҟьаны зыҩнқәа ирхыҵны иқәҵырц зықәшәаз" ауаа знык аԥара рызшәара. Досу шаҟа рызшәахо дарбанзаалак иааз категориас дызҵанакуа иахьырԥшуп.
Арҭ ахықәкқәа рзы арезервтә фонд аҟынтәи иоурыжьуеит 10,3 миллиард мааҭ. Урҭ Аџьеи асоциалтә хьчареи рминистррахь инарышьҭуеит, анаҩс урҭ арегионқәа рыбжьара еихыршарц азы.
Украина мрашыларатә ахәҭаҿы аҭагылазаашьа анеибарххаха ашьҭахь Донбассынтәи аҭынч уааԥсыра хҵәаны иалҵуа иалагеит. Жәабран 24 инаркны урҭ рхыԥхьаӡара еиҳагьы еиҳахеит. Ауаа Урыстәыла арегионқәа рахь идәықәырҵо иалагеит. Уи адагьы ахҵәацәа рыдыркыло иалагеит егьырҭ атәылақәагьы, Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәылеи убрахь иналаҵаны.