Атомтә фымцамч азы Жәларбжьаратәи амаҵзура ахаҭарнакцәа Запорожтәи АЕС аҿы иаанхоит

Атомтә фымцамч азы Жәларбжьаратәи амаҵзура ахада ара иҟазаараан иазгәеиҭеит "Запарожтәи АЕС изныкымкәа ааха аҭан" ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Атомтә фымцамч азы Жәларбжьаратәи амаҵзура (МАГАТЭ - урысшә.) амиссиа алахәылацәа ҩыџьа ЗАЕС аҿы иаанхоит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости "Росэнергоатом" ахаҭарнак иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"АФЖәА аусзуҩцәа ԥшьҩык иахьа ицеит АЕС аҟынтәи. Амиссиа алахәылацәа ҩыџьа аанхеит" ҳәа амаҵзура иазеиҭеиҳәеит "Росэнергоатом" ахаҭарнак.
Енергодар ақалақь ахада Александр Волга агәыӷра ааирԥшит, МАГАТЕ амиссиа ахаҭарнакцәа атомтә електростанциа ашәарҭадара иахәдықәҵахап ҳәа.
Украинатәи аган аҽазышәарақәа ирҟәаҵуам астанциа анапахьы аагаразы, аиҳаракгьы аҵыхәтәантәи амзазы. Урыстәыла адунеитә еилазаарахь ааԥхьара ҟанаҵоит Киев ахымҩаԥгашьа ахәшьара арҭарц, избанзар уи иацу ашәарҭа Украинеи Урыстәылеи реиԥш Мрагыларатәи Европа зегьы аҵанакыр алшоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Запорожтәи Атомтә фымцастанциаҿы МАГАТЕ амиссиа шаҟа иҟазаауа еилкаахеит
Цәыббра акы азы астанциахь иааиит МАГАТЕ анапхгаҩы Рафаель Гросси зхадараҿы дыҟаз амиссиа иҟоу аҭагылазаашьа ахәшьара аҭаразы..