Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Запорожтәи Атомтә фымцастанциаҿы МАГАТЕ амиссиа шаҟа иҟазаауа еилкаахеит

© Sputnik / Константин МихальчевскийФрагмент стелы при въезде на территорию Запорожской АЭС в Энергодаре.
Фрагмент стелы при въезде на территорию Запорожской АЭС в Энергодаре.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла изныкымкәа адунеитә еилазаара адырра арҭахьан Киев Запорожтәи Атомтә фымцастанциа иахьеихсуа иаанаго аиадертә терроризм ауп ҳәа. Астанциаҿы авариа ҟалар, уи ахҟьаԥҟьақәа Чернобыли Фукусимеи раасҭагьы еицәахоит.
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Атомтә фымцамч азы Жәларбжьаратәи амаҵзура (МАГАТЭ - урысшә.) аҟазауаа Запорожтәи Атомтә фымцастанциаҿы иҟазаауеит цәыббра 5 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аиҿкаара "Ҳара Урыстәыла ҳадгылоуп" ахантәаҩы, Запорожтәи аобласт ахадара ахеилак алахәыла Владимир Рогов иажәақәа ааганы.
"Атомтә фымцамч азы Жәларбжьаратәи амаҵзура амиссиа атомтә станциаҿы аусура иацнаҵоит. Урҭ цәыббра 5 рҟынӡа аус рулоит. Дара ирҭаху аинформациа зегьы рырҭоит", - рҳәеит амаҵзураҿы.
Аобласт ахадара ахаҭарнак иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи аҟазацәа ирҭааит ажурналистцәа ҩажәижәаба тәыла рҟынтәи. Рогов иҳәеит аобласт ахадара зегь рзы ишаарту, зегьы алшара шрымоу обиективла астанциаҿы иҟоу аҭагылазаашьа атәы аарԥшра.
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара иатәу амашьынақәа жәбеи урҭ зыхьчоз машьынақәаки Запорожтәи Атомтә фымцастанциахь иааит цәыббра 1 азы. Аделегациа дахагылоуп Атомтә фымцамч азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аиҳабы Рафаель Гросси. Амиссиа хықәкыс иамоуп Киев аганахьала астанциа иахьаиеихсуа иаиуз аԥырхага ахәшьара, акатастрофа ҟамларц азы аусура амҩаԥгара.
Запорожская АЭС - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Атомтә енергиазы Жәларбжьаратәи амаҵзура ахаҭарнакцәа Запорожтәи АЕС аҵакыра аанрыжьит
Ажәабжьқәа зегьы
0