Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи адипмиссиа аусзуҩцәа ҩыџьа Афганисҭан иҭахеит

Иҟалаз атҟәацра иахҟьаны Афганисҭан аахақәа роуит урыстәылатәи адипломати ацҳаражәҳәарҭа ахьчаҩи назлоу 15-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Афганисҭан аҳҭнықалақь Кабул иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа агәашәқәа раԥхьа аҭыԥ змаз атҟәацра иаҟьаны ҩыџьа адипмиссиа аусзуҩцәа ҭахеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла ААР адыррақәа шьаҭас иганы РИА Новости.
"Цәыббра 5 асааҭ 10:50 рзы Афганисҭан аҳҭнықалақь Кабул иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа агәашәқәа раԥхьа идырым ахаҿы артҟәацга аус аируит. Ҩыџьа адипмиссиа аусзуҩцәа ҭахеит, аахақәа рымоуп афгантәи ауааԥсырагьы", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Уаанӡатәи адыррақәа рыла атеррорист-аҽшьҩы ацҳаражәҳәарҭа ахыбра дазааигәахарц иҭахын, аха ахьчаҩцәа дыршьит. Артҟәацга аус ауит, ааха роуит 15-20-ҩык рҟынӡа.