Аԥсны

"Жәларык ҳауп": Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесиа ареспублика 100 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Черкесск имҩаԥысит Аԥсни Ҟарачы-Черқьесиеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Рашид Темрезови реиԥылара.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесиа ахада Рашид Темрезови ажәлар зегьи ареспублика ашьаҭаркра 100 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Ҳара шәреспубликахь ҳааит ҳашьцәа аабоит ҳәа. Ҳара жәларык ҳауп. Абри аиԥш аныҳәамш аҽны шәааигәара аҟазаара ҳара ҳзы иҳаҭыруп", - иҳәеит Бжьаниа.
Рашид Темрезов иазгәеиҭеит аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара аҵак ду шамоу.
"Сара сзы инасыԥуп ҳреспублика ашьаҭаркра амш азы шәахьаҳҭааз. Ари ҳаҭырқәҵара дууп ҳашьцәа аԥсуаа рҟынтә. Иҭабуп иахьа шәахьҳавагылоу", - иҳәеит иара.
Бжьаниа ареспублика ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ииҭаз ааԥхьаразы, иазгәеиҭеит ареспублика аҿиара амҩа ишықәу, Темрезов икоманда ишалдыршаз амилаҭбжьаратә ҭынчра аиҿкаара.
Ахадацәа аусеицура актуалтә зҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥсны
Бжьаниа аусутә еиԥыларақәа рзы Нхыҵ Кавказҟа дцеит
Аслан Бжьаниа цәыббра 6 -12 рзы усутә ныҟәарыла дырҭаауеит ҳаиашьаратә республикақәа хԥа: Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа, Адыгеиа.