https://sputnik-abkhazia.info/20220906/bzhania-ausut-eiylaraa-rzy-nkhy-kavkaza-dtseit-1041366448.html
Бжьаниа аусутә еиԥыларақәа рзы Нхыҵ Кавказҟа дцеит
Бжьаниа аусутә еиԥыларақәа рзы Нхыҵ Кавказҟа дцеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Цәыббра 6 инаркны 12 рҟынӡа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспубликеи, Ҟабарда-Балкариа ареспубликеи, Адыгеиа... 06.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-06T20:30+0300
2022-09-06T20:30+0300
2022-09-13T14:29+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аслан бжьаниа
кавказ
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/19/1041154008_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_fe7919de1ef42065fd84406847ba66b4.jpg
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Цәыббра 6 инаркны 12 рҟынӡа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспубликеи, Ҟабарда-Балкариа ареспубликеи, Адыгеиа ареспубликеи дырҭаауеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Ахада иусутә ныҟәара алагоит Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспублика аҟынтәи.Цәыббра 7 рзы Бжьаниа диԥылоит Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспублика ахада Рашид Темрезов. Уи аҽны Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспублика 100 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа дрылахәхоит.Иара убас Аслан Бжьаниа дыԥылоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.Цәыббра 8 рзы Аслан Бжьаниеи 1992 -1993 шықәсқәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәеи иареи еиԥылоит.Аԥсны ахақәиҭтәразы ҞЧ ареспубликантәи иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟеи Иури Калмыков ибаҟеи рҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭеиҵуеит, иара убас Владислав Арӡынба ихьӡ зху ашколи Леон иорден занашьоу Мусса Дауров иҳаҭгәыни дырҭаауеит.Цәыббра 9 рзы Ҟабарда-Балкариа ареспублика ахада Казбек Кокови, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәеи Аслан Бжьаниеи реиԥылара азгәаҭоуп. Ахада Аԥсны ахақәиҭтәразы ҞБ ареспубликантәи иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭеиҵуеит, ҞБА раԥхьатәи ахада Владимир Кокови Аԥсны Афырхаҵа Султан Сосналиеви рнышәынҭрақәа дырҭаауеит.Цәыббра 10 рзы Аслан Бжьаниа Ҟабарда-Балкариа ареспублика 100 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа дрылахәхоит.Цәыббра 11 рзы Атәыла ахада далахәхоит Адыгатәыла ахада Мурат Кумпилов иҭоубашьҭаҵара.
https://sputnik-abkhazia.info/20220815/asny-akhada-gdoua-khatgakharala-eibashuaz-rymsh-aayr-azy-dygyleit-1040950901.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/19/1041154008_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_1bb6a78087b4a8b9abef8005de6a0191.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа, кавказ
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа, кавказ
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Цәыббра 6 инаркны 12 рҟынӡа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспубликеи, Ҟабарда-Балкариа ареспубликеи, Адыгеиа ареспубликеи дырҭаауеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Ахада иусутә ныҟәара алагоит Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспублика аҟынтәи.
Цәыббра 7 рзы Бжьаниа диԥылоит Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспублика ахада Рашид Темрезов. Уи аҽны Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспублика 100 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа дрылахәхоит.
Иара убас Аслан Бжьаниа дыԥылоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.
Цәыббра 8 рзы Аслан Бжьаниеи 1992 -1993 шықәсқәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәеи иареи еиԥылоит.
Аԥсны ахақәиҭтәразы ҞЧ ареспубликантәи иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟеи Иури Калмыков ибаҟеи рҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭеиҵуеит, иара убас Владислав Арӡынба ихьӡ зху ашколи Леон иорден занашьоу Мусса Дауров иҳаҭгәыни дырҭаауеит.
Цәыббра 9 рзы Ҟабарда-Балкариа ареспублика ахада Казбек Кокови, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәеи Аслан Бжьаниеи реиԥылара азгәаҭоуп. Ахада Аԥсны ахақәиҭтәразы ҞБ ареспубликантәи иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭеиҵуеит, ҞБА раԥхьатәи ахада Владимир Кокови Аԥсны Афырхаҵа Султан Сосналиеви рнышәынҭрақәа дырҭаауеит.
Цәыббра 10 рзы Аслан Бжьаниа Ҟабарда-Балкариа ареспублика 100 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа дрылахәхоит.
Цәыббра 11 рзы Атәыла ахада далахәхоит Адыгатәыла ахада Мурат Кумпилов иҭоубашьҭаҵара.