Аԥсны

АҶА аусзуҩцәа амшын иаанахәаз ҩыџьа аӡӷабцәа еиқәдырхеит

Аӡӷабцәа амшын аҟәара аҟынтәи 700 метра амшын агәахьы инаскьеит, дара рҭелқәа алашарбагақәа рхархәарала аҟәара иқәтәаз ауааԥсыра арыцҳара ишақәшәаз азы адырра рыҭара рылшеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. АҶА иатәу Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аиқәырхаҩцәа амшын иаанахәаз ҩыџьа аӡӷабцәа еиқәдырхеит, аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Цәыббра 7 ауха аплиаж "Синоп" аҟны аӡӷабцәа асап-ӷәқәа (сап-бордах-аред.) ирықәтәаны аҟәара аҟынтәи 700 метра амшын агәахьы инаскьеит. Шьҭахҟьа ахынҳәразы рымчқәа рзымхеит.
Дара рҭелқәа алашарбагақәа рхархәарала аҟәара иқәтәаз ауааԥсыра арыцҳара ишақәшәаз азы адырра рыҭара рылшеит, урҭ аиқәырхаҩцәа ирыԥхьеит.
Аҭыԥ ахь инеит АҶА иатәу Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аиқәырхаҩцәа, аӡӷабцәа ԥшааны аҟәарахьы иааргеит.
Аплиаж аԥшәмацәа аҟәараҿы аиқәырхаҩцәа ахьыҟамызи Аԥсны АҶА ЗМАРА рабжьгарақәа ахьазгәаҭамзи рзы ахараԥса рықәырҵеит.