Аԥсны

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хадаҟны ацрыҵҳақәа рыпроблема ӡбоуп

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хада данааҭааз иҳәеит, цәыббра акы аҟынӡа аӡымҩахгаратә система аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара шыҟаҵахо.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хадаҟны иажәхьаз ацрыҵҳақәеи аӡымҩахгаратә системеи еиҭашьақәыргылоуп, абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Абри азы аминистр Едуард Быҭәба адырра ирҭеит "Асныргылара" ахаҭарнакцәа Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҟны аилацәажәара анымҩаԥысуаз.

Ахыбра ахархәарахь ирыҭахоит ахәшәтәырҭа анапхгара разгәаҭарақәеи араион асанитар-епидемологиатә маҵзуреи рылкаақәеи рышьҭахь.

Уажәазы ахәшәтәырҭаҟны ишьҭоуп аҿкы ззышьақәырӷәӷәоу 12-ҩык. Аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба иажәақәа рыла, ишьҭоу ачымазцәа шамахамзар егьырҭ ачымазарақәагьы рылаҽны ишыҟаз.
Араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа лажәақәа рыла, араион ауааԥсыра реиҳараҩык COVID-19 имарианы ирхыргоит, ахәшәтәырҭа рышьҭаҵара аҭахым.