Аԥсны

Россотрудничество аицлабра "Взгляд 2022" ахь арзаҳалқәа рыдкылара аҿҳәара инахеит

Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра Урыстәыла ареспубликаҿ аусура еиҳа иныҭкааны иаазырԥшуа Аԥсны ажурналистцәа рыбжьара аицлабра "Взгляд 2022" рыланаҳәеит нанҳәа 19 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik. Россотрудничество аицлабра "Взгляд 2022" ахь арзаҳалқәа рыдкылара аҿҳәара инахеит жьҭаара 10 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Россотрудничество ахаҭарнакра.
Аицлабра хацыркхеит нанҳәа 19 рзы, аихшьалақәа мҩаԥгахоит жьҭаара 14 рзы. Аицлабра аноминациа хадақәа: иреиӷьу аинформациатә материал, иреиӷьу аналитикатә кьыԥхьымҭа, иреиӷьу аессе, аноминациа "Дебют".
Аихшьалақәа ҟарҵоит Аԥсны ажурналисттә еилазаараҟынтә ишьақәыргылоу ажиури. Аицлабрахь инашьҭхар ҟалоит урысшәала иҩу реиԥш аԥсышәала иҩу арҿиамҭақәагьы.
Аицлабра алахәхаразы 2022 шықәсазы иҩу арҿиамҭа – акьыԥхь збахьоу аиԥш акьыԥхь зымбацгьы рынашьҭра ҟалоит.
Аԥсны
"Взгляд 2022": Россотрудничество Аԥсны ажурналистцәа рыбжьара аицлабра мҩаԥнагоит
Алахәылацәа ирылшоит атекст аелектронтә версиа аелектронтә ԥошьҭахь анашьҭра: konkurs.rs.gov@mail.ru. Ма аицлабратә зыҳәа ацҵаны аматериал Россотрудничество аофис ахь анагара (ақ. Аҟәа, аинрал Дбар имҩ., 3, ау. 332).
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аицлабра аинформациатә партниорны иазыҟоуп.
Аԥсны
VI Жәларбжьаратәи афотоконкурс "Аурыс цивилизациа" хацыркуп