Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

VI Жәларбжьаратәи афотоконкурс "Аурыс цивилизациа" хацыркуп

© Sputnik / Александр Гальперин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФестиваль "Хороводы России" в Санкт-Петербурге
Фестиваль Хороводы России в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2022
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы аконкурс иалахәын 77 тәыла рҟынтәи хә-нызқьҩык инреиҳаны ауааԥсыра, дара 22,5 нызқь ҭыхымҭа аарышьҭит.
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Амилаҭқәа русқәа рзы Урыстәылатәи Афедералтә маҵзура VI Жәларбжьаратәи афотоконкурс "Аурыс цивилизациа" (Русская цивилизация-аред.) хацыркуп ҳәа рыланаҳәеит.

Афотоҭыхыҩцәа аҟазацәеи абзиабаҩцәеи русумҭақәа хә-номинациак рыла иаарышьҭыр алшоит: "Зеиԥш ыҟам аԥсабара" (Уникальная природа), "Ахаҿсахьақәеи абиԥарақәеи" (Лица и поколения), "Атәыла ду атрадициақәа" (Традиции большой страны), "Архитектуреи аскульптуреи" (Архитектура и скульптура), "Амилаҭ рацәа ахьеиларсу Москва"(Многонациональная Москва).

Алахәылацәа русумҭақәа рҟны иаарԥшызароуп аурыс ԥсабара аԥшӡара, зеиԥш ыҟам аҟазаратә баҟақәеи иахьатәи архитектуратә ргыламҭақәеи, акультуреи атрадициақәеи рыхкы рацәа, Урыстәыла инхо амилаҭқәа рҟазшьеи реиԥшымзаареи, аурыс ҟазшьа зныԥшуа урыстәылауаа рпортретқәа.
Афотоконкурс иалахәхар рылшоит 18 шықәса зхыҵхьо. Дара номинациаԥхьаӡа иаарышьҭыр рылшоит аҵыхәтәантәи хәышықәса рзы иҭыхыз хә-фотоҭыхымҭак.
Афотоконкурс мҩаԥыргоижьҭеи сынтәа раԥхьаӡакәны иалыргалеит аноминациа ҿыц "Ахәыҷқәа рыблала" (Детский взгляд), уи иалахәхар рылшоит 7 шықәса инаркны 17 шықәса зхыҵуа рҟынӡа ашколхәыҷқәа.
Цәыббра 5 2022 шықәса инаркны афотоҭыхыҩцәа аҟазацәеи абзиабаҩцәеи русумҭақәа аарышьҭыр рылшоит аконкурс аофициалтә портал ахь- www.rucivilization.ru. Аусумҭақәа рыдкылара хыркәшахоит жьҭаара 5 2022 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0