Арадио

Занҭариа Аҿктәы хәшәтәырҭа Уфатәи аҳақьымцәа иарҭо ацхырааразы: даара иаҳныԥшуеит

Аҟәатәи аҿктәы хәшәтәырҭа иарбан ҳақьымцәоу иазымхо, Урыстәылантәи иаауа рколлегацәеи дареи аԥышәа шеимырдо, иахьазы ахәшәтәырҭаҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу еиҭеиҳәеит аҳакьым хада ихаҭыԥуаҩ, ареаниматолог Дамеи Занҭариа.
Sputnik
Башкортосҭантәи аҳақьымцәа ргәыԥ ҿыц Аҟәатәи аҿктәы хәшәтәырҭахь иааит. Аҳақьымцәа рзымхара иахҟьаны, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аҳәарала аспециалистцәа мызкы аус руан Аҟәа. Ари амзазы аспециалистцәа рыԥсахит Уфантәи иааз рҩызцәа аҿкычмазарақәа рзы аҳақьыми, ахәыҷтәы реаниматологи. Урҭгьы Аԥсны мызкы иҟазаауеит.
"Иаҳхысыз аԥхынра даара иуадаҩын аҭагылазаашьа аҿкы чымазарақәа рганахьала. Аковид анаҩсгьы акьатеи чмазара ахәыҷқәа рыбжьара даара ирацәан. Мышкы шәҩык – шәи ҩынҩажәижәаҩык рҟынӡа ахәыҷқәа анҳадаҳкылоз ыҟан. Усҟан даара иҳацхрааит иааз аҳақьымцәа, избанзар анапы ҳазхомызт. Ахәыҷтәы реаниматологцәа Аԥсны аӡәык-ҩыџьак роуп иҳамоу, убри аҟынтәи иааз аҳақьым даара дҳацхрааит. Иара уажәы ҳазҭоу амзазагьы ҩыџьа ааит. Аԥхын аасҭа уажәы иҳадҵаало ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷхеит, хымԥада, аха иара усгьы иҳацхраауеит, даара иаҳныԥшуеит, ацхыраара бзиа ҳарҭоит", - иҳәеит Занҭариа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.