https://sputnik-abkhazia.info/20220908/zanaria-akty-khshtyra-ufati-aaymtsa-iaro-atskhyraarazy-daara-ianyshueit-1041386163.html
Занҭариа Аҿктәы хәшәтәырҭа Уфатәи аҳақьымцәа иарҭо ацхырааразы: даара иаҳныԥшуеит
Занҭариа Аҿктәы хәшәтәырҭа Уфатәи аҳақьымцәа иарҭо ацхырааразы: даара иаҳныԥшуеит
Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аҿктәы хәшәтәырҭа иарбан ҳақьымцәоу иазымхо, Урыстәылантәи иаауа рколлегацәеи дареи аԥышәа шеимырдо, иахьазы ахәшәтәырҭаҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу... 08.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-08T17:21+0300
2022-09-08T17:21+0300
2022-09-08T17:21+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/08/1041386268_0:0:2520:1418_1920x0_80_0_0_2bbffd0839f4a36b2584f66184037220.jpg
Занҭариа Аҿктәы хәышәтәырҭа Уфатәи аҳақьымцәа иарҭо ацхырааразы: даара иаҳныԥшуеит
Sputnik Аҧсны
Занҭариа Аҿктәы хәышәтәырҭа Уфатәи аҳақьымцәа иарҭо ацхырааразы: даара иаҳныԥшуеит
Башкортосҭантәи аҳақьымцәа ргәыԥ ҿыц Аҟәатәи аҿктәы хәшәтәырҭахь иааит. Аҳақьымцәа рзымхара иахҟьаны, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аҳәарала аспециалистцәа мызкы аус руан Аҟәа. Ари амзазы аспециалистцәа рыԥсахит Уфантәи иааз рҩызцәа аҿкычмазарақәа рзы аҳақьыми, ахәыҷтәы реаниматологи. Урҭгьы Аԥсны мызкы иҟазаауеит."Иаҳхысыз аԥхынра даара иуадаҩын аҭагылазаашьа аҿкы чымазарақәа рганахьала. Аковид анаҩсгьы акьатеи чмазара ахәыҷқәа рыбжьара даара ирацәан. Мышкы шәҩык – шәи ҩынҩажәижәаҩык рҟынӡа ахәыҷқәа анҳадаҳкылоз ыҟан. Усҟан даара иҳацхрааит иааз аҳақьымцәа, избанзар анапы ҳазхомызт. Ахәыҷтәы реаниматологцәа Аԥсны аӡәык-ҩыџьак роуп иҳамоу, убри аҟынтәи иааз аҳақьым даара дҳацхрааит. Иара уажәы ҳазҭоу амзазагьы ҩыџьа ааит. Аԥхын аасҭа уажәы иҳадҵаало ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷхеит, хымԥада, аха иара усгьы иҳацхраауеит, даара иаҳныԥшуеит, ацхыраара бзиа ҳарҭоит", - иҳәеит Занҭариа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/08/1041386268_55:0:2455:1800_1920x0_80_0_0_c1536264b033e46266b764fed85d40b5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Занҭариа Аҿктәы хәшәтәырҭа Уфатәи аҳақьымцәа иарҭо ацхырааразы: даара иаҳныԥшуеит
Аҟәатәи аҿктәы хәшәтәырҭа иарбан ҳақьымцәоу иазымхо, Урыстәылантәи иаауа рколлегацәеи дареи аԥышәа шеимырдо, иахьазы ахәшәтәырҭаҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу еиҭеиҳәеит аҳакьым хада ихаҭыԥуаҩ, ареаниматолог Дамеи Занҭариа.
Башкортосҭантәи аҳақьымцәа ргәыԥ ҿыц Аҟәатәи аҿктәы хәшәтәырҭахь иааит. Аҳақьымцәа рзымхара иахҟьаны, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аҳәарала аспециалистцәа мызкы аус руан Аҟәа. Ари амзазы аспециалистцәа рыԥсахит Уфантәи иааз рҩызцәа аҿкычмазарақәа рзы аҳақьыми, ахәыҷтәы реаниматологи. Урҭгьы Аԥсны мызкы иҟазаауеит.
"Иаҳхысыз аԥхынра даара иуадаҩын аҭагылазаашьа аҿкы чымазарақәа рганахьала. Аковид анаҩсгьы акьатеи чмазара ахәыҷқәа рыбжьара даара ирацәан. Мышкы шәҩык – шәи ҩынҩажәижәаҩык рҟынӡа ахәыҷқәа анҳадаҳкылоз ыҟан. Усҟан даара иҳацхрааит иааз аҳақьымцәа, избанзар анапы ҳазхомызт. Ахәыҷтәы реаниматологцәа Аԥсны аӡәык-ҩыџьак роуп иҳамоу, убри аҟынтәи иааз аҳақьым даара дҳацхрааит. Иара уажәы ҳазҭоу амзазагьы ҩыџьа ааит. Аԥхын аасҭа уажәы иҳадҵаало ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷхеит, хымԥада, аха иара усгьы иҳацхраауеит, даара иаҳныԥшуеит, ацхыраара бзиа ҳарҭоит", - иҳәеит Занҭариа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.