Аԥсны

Аԥсны атәылауаҩ иҽазишәеит закәаншьаҭада ареспубликахь амаининг хархәагақәа ралагалара

Аԥсны 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31-нӡа ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ыҟам.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Аԥснытәи аҳазалхыҩцәа Урыстәылантә Аԥсныҟа акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа хәба ралагалара аԥдырҟәҟәааит. Абри атәы аанацҳауеит аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Ареспубликахь амаининг азы ахархәагақәа раагара иҽазишәон атәылауаҩ Д.Г. Хьыкәба. Уи имашьына аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы агәаҭара иахыжьын.

Ахархәагақәа аазгоз имхуп, административтә зинеилагараз аматериалқәа нашьҭуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә еилакы аҳазалхратә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы.