Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гәылариа атәанчахәқәа ршәара иазкны

Аԥсны Атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәылариа арадио аефир аҟны еиҭеиҳәеит атәанчахәқәа, ацхыраагӡақәа ршәараҿы иҟаз аиҵахарақәа рырҽеиразы сынтәа лшарас ирымоу атәы.
Sputnik
Атәанчахәытә фонд аиҳабы иажәақәа рыла, аамз рыла афонд иалалеит аԥгаԥсатә шәарақәа 679,6 млн мааҭ, 2021 шықәсазы акәзар - 574,9 млн мааҭ ыҟан.
"Шьоукы ус ргәы иаангоит, Атәанчахәытә фонд аԥара азԥҟаны иҟоуп ҳәа. Ҳара ҳтәанчаҩцәа рахь инаҳашьҭуа аус зуа ауаажәлар иршәо ауп. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи адотациа ҳауеит, сынтәа 140 миллион мааҭ арбоуп. Уи ҳарҭахьеит. Ашықәс нҵәаанӡа даҽа 20 ҳзацырҵап ҳәа ҳақәгәыӷуеит, уи рӡбараны иҟоуп. Ареспубликатә биуџьет ахь алагалақәа аныҟарҵо, уи ҳаргьы иҳахәоит, иагханы иаҳшәо џьара иханарҭәаауеит", - иҳәеит Гәылариа.
Иара иазгәеиҭеит аԥсуа тәанчахәы зауа рхыԥхьаӡара ишацлаз.
"2020 шықәса ҳанҭалоз 43 нызқьи 800 ҩык инареиҳаны иҟан ҳтәанчаҩцәа. Аԥарацҵатәқәа зауа (аԥсуа тәанчахәы мацара ззыршәо рахь иаҵанакуа - азгә.) 6 нызқьи 685-ҩык ыҟан. Ҩышықәса рнаҩс 46 нызқьҩык ахьыҟаз иахьазы 49 нызқьи 100-ҩык инареиҳаны иҟоуп атәанчаҩцәа зегьы. Аԥарацҵақәа ракәзар, 11 нызқьи 400-ҩык раҟара ироуеит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.