Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа амилаҭеилыхцәа реиҿкаара "Кракен" анапхгараҭаратә ҭыԥ еилаԥырххааит

Урыстәыла Украина имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда атәыла абџьархыхреи амилаҭеилыхцәа рҟынтәи арыцқьареи рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа амилаҭеилыхцәа реиҿкаара "Кракен" анапхгараҭаратә ҭыԥ еилаԥырххааит Харьковтәи аобласт аҿы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы ааха аҭоуп ДЖәР аҿы игылаз амеханизациа зызуу 93-тәи абригада анархгараҭаратә ҭыԥ. Иҭархоуп 50-ҩык аруааи, 16 ак аибашьыга техникеи. Ааха рыҭоуп аҵакырахьчараз 127-тәи абригадеи амеханизациа зызуу 14-тәи абригадеи Харьков амҵан. Иҭархоуп 50-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа, ихәуп 120-ҩык рҟынӡа.
Аоператив-тактикатә авиациеи аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ааба, 52 артиллериатә ҟәша, аракета-артиллериатә бџьар аҵәахырҭақәа хԥа, ареактивә система еицҭырҟьа "HIMARS" амашьына, агаубица М-777.
Аҳауаҿагыларатә хьчара икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа фба, 18 хгәыцә зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа "HIMARS", "Ольха" иртәу. УАМ қәҿиарада рҽазыршәеит Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы ажәылара.
Аӷа ицәыӡит 3 танкк, 4 машьынак, 7 кәылӡмашьынак, 2 пикапк, 270–ҩык аруаа. Енергодар фынтә иалахысит. АЕС ахылаԥшра мҩаԥыргоит аштаттә персонал.