Аԥсны

Ансамбль "Ерцахә" аҽазыҟаҵаратә зал аиуеит

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб дырԥылеит аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылара" аиҳабы Руслан Тәанбеи Очамчыра араион Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль "Ерцахә" асахьаркыратә напхгаҩы Вианор Логәуеи.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә еилакы "Аԥсныргылара" анапы ианҵоуп ансамбль "Ерцахә" аҽазыҟаҵаратә зал аиуразы иахәҭоу ашәҟәынҵақәа еиднакыларц. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
400 квадрат метра иҟоу азал ыҟоуп Очамчыра араион ахыбрақәа руак аҟны.
Очамчыра араион Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль "Ерцахә" аҽазыҟаҵаратә зал азыԥшаареи, уаҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгарази Атәыла ахада Аслан Бжьаниа иахь аҳәара ҟаиҵахьан Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа.
Ансамбль "Ерцахә" шьаҭаиркит 1974 шықәса рзы Аԥсны жәлар рартист Кәасҭа Ченгьелиа. Абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ансамбль агастроль ҳасабла ирҭаахьан Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Румыниа, Иугославиа.
Арадио
Логәуа "Ерцахә" ахыбразы: жәлар рыкәашарақәеи рашәақәеи реиқәырхаразы ихәшәуп
2019 шықәсазы Очамчыра араион Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль "Ерцахә" анапхгаҩы Вианор Логәуа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьан, иара убас "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵан ансамбль алахәылацәа Мака Кәыҵниаԥҳа, Даур Ԥиԥиа, Марина Шьинелиаԥҳа.