АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Ҟабарда-Балкариа иҭаара хыркәшоуп, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа Аԥсны ахақәиҭтәразы ҞБ ареспубликантәи иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟеи, ҞБА раԥхьатәи ахада Владимир Кокови ибаҟеи рҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Аԥсны ахада дырҭааит Ҟабарда-Балкариатәи аграртә университети Амилаҭтә культуратә центр "Аԥсни", ҞЧА иҟоу аԥсуа-абаза жәлар еидызкыло ауаажәларратә хеилакқәа рлахәылацәеи, "1992-93 шш. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа" рхеилак ахаҭарнакцәеи дырԥылеит.
Аслан Бжьаниа Ҟабарда-Балкариа жәлар ареспублика 100 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
"Ҟабарда-Балкариа Ареспублика иқәынхо шьаҿа ӷәӷәала ԥхьаҟа ацара иаҿуп, убри аан атрадициақәа еиқәдырхоит. Иахьазы Урыстәылатәи Афедерациа аҿиарамҩа иану арегионқәа ирхыԥхьаӡалоуп", - иҳәеит Ахада.
Бжьаниа аԥсуа жәлар есымша хатәгәаԥхарала ирыцеибашьуаз ҳаҭырла иргәаладыршәоит ҳәа азгәеиҭеит.
"Ахаан хашҭра рықәым иаҳа ианыуадаҩыз аамҭазы иҳавагылаз рфырхаҵара. Хатәгәаԥхарала еибашьуази урҭ рҭаацәеи идуӡӡан иҭабуп ҳәа раҳҳәоит", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аиԥылараҿы Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранеишьеит. Кавказ ажәларқәа ркультуреи рҟазареи рырҿиареи раларҵәареи рзы "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара анашьоуп Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кабардинка".