Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуази иҭахаз рҭаацәеи дырԥылеит

© Foto / официальный сайт Президента РА Встреча с добровольцами из КЧР в преддверии Дня Победы
Встреча с добровольцами из КЧР в преддверии Дня Победы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа цәыббра 6 - 12 рыҩныҵҟа дырҭаараны дыҟоуп ареспубликақәа: Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа, Адыгеиа.
АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik. Цәыббрамза 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспубликахь иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаажәларра, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа дырԥылеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аԥсны ажәлар иргәалашәоит, ахәгьы ҳаракны иршьоит Аҩадатәи Кавказ ҳаиашьаратә республикақәа рхаҭарнакцәа рфырхаҵара. Хатәгәаԥхаралатәи аиҿкаарақәа Аиааира агараҿы рлагаламҭа ахә ашьара уадаҩуп", - инаҵшьны иазгәеиҭеит ахада.
Аиԥылараҿы Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранеишьеит. Убас, 1992-93 шш. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы илшамҭақәа рзы, Аԥсни Ҟарачы-Чеқьесиеи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы илагаламҭазы Азрет Татаршао "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианеишьеит.
ҞЧА Акультура аминистр Зураб Агирбов, Кавказ ажәларқәа ркультуреи рҟазареи рырҿиареи раларҵәареи рзы аҳаҭыртә хьӡы "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ" ҳәа ахьӡ ихиҵеит.
Кавказ ажәларқәа рхореографиатә ҟазара арҿиара, ркультура аларҵәаразы "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа ахьӡ лыхҵоуп Алина Тарасунова.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2022
Аԥсны
Бжьаниа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ҞЧА ахатәгәаԥхаҩцәа ранацәа дырԥылеит
Аиԥылараан ирылацәажәеит аԥсуа, абаза бызшәа аҿиара, акультуратәи аекономикатәи усеицура, атуризм аусхк аҟны аусеицура, аԥсуа-абаза жәлар еицырзеиҧшу аинформациатә портал аԥҵара уҳәа ахырхарҭақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Иара убасгьы ирзааҭгылан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа аԥснытәи атәылауаҩра роуреи рыԥсшьара аиҿкаареи рыпроблемақәа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа цәыббра 12 рҟынӡа дырҭаараны дыҟоуп ареспубликақәа: Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа, Адыгеиа.
Обращение Президента Республики Абхазия к парламенту  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2022
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны жәлар хатәгәаԥхарала ирыцеибашьуаз ҳаҭырла иргәаладыршәоит
Ажәабжьқәа зегьы
0