Аԥсны

Донбасс иҭахаз ҳтәылауаҩ иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь иааргеит

Донбасс аибашьра иалахәуп Аԥсны аҵеицәагьы. Иахьатәи аамҭазы хҩык ҭахахьеит - Лоран Смыр, Ахреи Артури Кьыркьнаӡеаа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 12 - Sputnik. Донбасс иҭахаз ҳтәылауаҩ Артур Кьыркьынаӡе иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь иааргеит ҳәа аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Донецк имҩаԥысит афырхаҵа аҵыхәтәантәи имҩа иқәҵара ацеремониа, ауахәама аусзуҩцәа ихаԥхьеит.
Артур Кьыркьынаӡе 31 шықәса ихыҵуан, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан дынхон. Иара хҩык ахәыҷқәа драбын.
Донбассҟа иаб иашьа иԥа, хәажәкырамзазы Донбасс ажәлар рхақәиҭра зхы ақәызҵаз Ахра Кьыркьынаӡе дицны днеит.