Аԥсны

Очамчыра иаадыртит ахәыҷбаҳча "Аӡыхь"

Ахәыҷбаҳча аргылара иалагеит 2017 шықәсазы, ахархәарахь ирыҭан 2020 шықәсазы, аха иахьанӡа ус игылан.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Очамчыра аныҳәатә ҭагылазаашьа аԥҵаны ахәыҷбаҳча "Аӡыхь" аартра мҩаԥысит, абри атәы лыҩуеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган асоциалтә ҳа лдаҟьаҿы.
Аргылара 2019 шықәсазы ихыркәшазар акәын, аха агхақәа рацәаны иахьаарԥшыз азы ахыбра рыдрымкылеит.
Ахәыҷбаҳча Аинвестпрограмма 2017-2019 ала иргылоуп, 120-ҩык ахәыҷқәа рҭыԥ амоуп. Аргылара напаркын 2017 шықәсазы, апроекттә хәыԥса 129 миллион мааҭ ыҟоуп.