АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҿы иҟазаара хиркәшеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Цәыббра 6 - 9 рзы Аԥсны аделегациа Аслан Бжьаниа драԥхьагыланы Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспубликаҿ иҟан.
Аԥсны ахада цәыббра 9 рзы Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика 100 шықәса ахыҵра азгәаҭара аҳаҭыр азы ареспублика даҭааит. Аслан Бжьаниа авидеоеимадарала Ҟабарда-Балкариа ахада Казбек Коков диацәажәеит. Иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа дырԥылеит.
Цәыббра 10-12 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Адыгатәыла даҭан. Бжьаниа аҩбатәи аҿҳәаразы иалырхыз Адыгеиа ахада Мураҭ Кумпилова иҭоубашьҭаҵара далахәын.