Ҭенгиз Блабба Аҟәатәи афымцеихшарҭатә усбарҭа имҩаԥнаго аусурақәа ртәы еиҭеиҳәеит. Иҳәеит ацәаҳәақәа ирымаз ақәыӷәӷәарақәа ахьырзымчҳауаз иахҟьаны урҭ шырыԥсахуа.
"Акабельтә цәаҳәақәа риура цәгьоуп, рыхәқәа халеит. Ҟәрышьк ҳамазаргьы, мызла ҳазыԥшуп аҿаҵа. Уи ааҳгаанӡа иҳамоу аԥара ҽаџьара иаҳцәагоит. Ақәыӷәӷәарақәа рганахьала акәзар, иахьазы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара маҷхеит. Архьшәашәагақәа идырцәаз ҟалеит. Ҳақәыӷәӷәарақәа маҷуп. Абас ицар, ҳманшәалахоит, аха ус еиԥш изыҟалом", - иҳәеит Блабба.
Аҟәатәи афымцеихшарҭатә усбарҭа анџьныр хада еиҭеиҳәеит, афымцеихшарҭақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу. Урҭ ақәыӷәӷәарақәа ирымоу ахьынӡарчҳауа атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.