АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура атеррористҿагылартә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит цәыббра 15-27 рзы, абри атәы аанацҳауеит амаҵзура апресс-маҵзура.
"Аҳәара ҟаҳҵоит ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ауҳәансҳәан иазымӡырҩырц, имшәарц. Ааигәа иҟоу аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәеи аҩнеихагылақәа рҿы инхо ауааи агәаҽанызаара аадырԥшырц", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Аҟәа, амшынбаӷәаза иахьаҵанакуа.
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура, Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа алархәны раԥхьатәи атеррористҿагылартә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ажьырныҳәа 27 инаркны жәабран 5 рҟынӡа.