Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Раԥхьатәи аԥсуа-аурыс террористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа хыркәшоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Учения абхазских силовиков провели в Сухуме
Учения абхазских силовиков провели в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны амчратә усбарҭақәеи Урыстәыла АШәМ-и реицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Аҟәа ажьырныҳәа 27 - жәабран 5 рзы.
АҞӘА, жәабран 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Раԥхьатәи аԥсуа-аурыс террористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа хыркәшоуп жәабран 5 рзы, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҿы.
Аҽазыҟаҵарақәа рысценари ала, аӷацәа иҷыдоу рмаҵзурақәа изакәанымкәа адиверсиа-террористтә гәыԥқәа Аԥсныҟа иаарышьҭит атәылаҿы аҭагылазаашьа ашьақәҟьаразы, уи азы дара арежим иахьақәныҟәо аҳәынҭқарратә хыбра иажәлан рнапахьы иааргеит, ауаагьы рытҟәеит.
Рыгәҭакы анагӡаразы атеррористцәа иара убас аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс ааныркылеит, иара убас аҭынч уааԥсырагьы шасыс иргеит. Атеррористцәа ирыдгылан Урыстәыла иаҿагылоу агәаанагарақәа змоу, ацәгьоурақәа ҟазҵахьоу Аԥсны атәылауаа гәыԥҩык.
Тренировка СГБ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Аԥсны
Атеррористцәа рҿагыларазы: Аҟәа аԥсуа-аурыс ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз
Аҽазыҟаҵарақәа рысценари ала, атәыла ахадеи Аминистрцәа реилазаареи ԥхьатәара ицароуп, урыстәылатәи арратә архәҭақәа ареспублика иалгатәуп, иара убас Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа зегьы аԥыхтәуп, аинтеграциатә процессқәа аанкылатәуп ҳәа аполитикатә дҵақәа ықәдыргылеит.
Аԥсны АШәМ аҿы ишазгәарҭаз ала, арҭ адҵақәа анынагӡахалак, атеррористцәа анеитралтә ӡқәа рахь иӡхыҵырц ргәы иҭан. Аха атеррористцәа рыплан анагӡаха рырымҭеит Аԥсны АШәМ, ААР, АҶА, Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа, дара атеррористцәа ықәырхит, атҟәацәа рхы иақәиҭыртәит.
Ацәгьоуцәа ҭадырхеит: Аԥсни Урыстәылеи ршәарҭадаратә маҵзурақәа рҽазыҟаҵарақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Аԥсны
"Ацәгьоуцәа ҭадырхеит": Аԥсни Урыстәылеи ршәарҭадаратә маҵзурақәа рҽазыҟаҵарақәа
Арҭ аҽазыҟаҵарақәа хықәкыс ирыман аминистррақәеи аусбарҭақәеи русзуҩцәа рыпрофессионалтә зыҟаҵара аҩаӡара аизырҳара, аҳәынҭқарратә ҵакы змоу аобиектқәа ирзырхоу аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа азинхьчаратә усбарҭақәеи иҷыдоу амаҵзурақәеи ианеицынарыгӡо аамҭазы дара рнапхгаҩцәа русеицура азҵаарақәа аус рыдулара.
Уаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадартә маҵзура ахантәаҩы Роберт Киут иазгәеиҭахьан арҭ рҩызцәа аҽазыҟаҵарақәа наҟ-наҟгьы ишымҩаԥысло. Дара хықәкы хадас ирымоуп атәыла амчратә усбарҭақәа зегьы ишақәнагоу русеицура алыршара. Арҭ аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын Аԥсны АШәМ, ААР, Атәылахьчара аминистрра, АҶА, Агәабзиарахьчара аминистрра, Урыстәыла АШәМ русзуҩцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0