Аԥсны

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҿы ирҳәеит цәыббра 5-14 рыҩнуҵаҟа COVID-19 шаҟаҩы ирыхьыз

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны аҽкчымазара зыхьхьоу рхыԥхьаӡара 57 348-ҩык ыҟоуп, зыԥсҭазаара иалҵыз 693-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. Цәыббра 5 инаркны 14 рҟынӡа аҿкчымазара Аԥсны изахьыз 538-ҩык ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит Атәыла Агәабзиарахьчарра аминистрра.
Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы 16-ҩык ачымазҩцәа шьҭоуп.
Уаанӡа, Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара аиҳабы Тедрос Адханом Гебреиесус иҳәахьан адунеи зегь аҟны COVID-19 аҟынтәи зыԥсҭазаара иалҵуа рхыԥхьаӡара шмаҷхаз, жәабранмза аахыс 80% еиҵахеит ҳәа.