Арадио

Хәарцкьиа еиҭеиҳәеит Гәымсҭа ақыҭаҟны аԥшатлакә аԥхасҭа знаҭаз шаҟаҩы ирыцхраатәу

Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭа ахада Нурбеи Хәарцкьиа арадио Sрutnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥшаӷьы иарбан ԥхасҭоу анхацәа ирнаҭаз, шаҟа ҭаацәара ацхыраара рыҭатәу.
Sputnik
Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан аԥшаӷьы аҩнқәа рхыбқәа хнашәеит цәыббра 12-13 руха.
"Араион ахадараҟны иаԥҵоу акомиссиа аӡбамҭала бжьы-ҩнык рыԥшәмацәа ацхыраара рыҭатәуп. Егьыс аҩнқәа рхыбқәа акы-ҩба ашиферқәа ахьақәнахыз, уиаҟара ԥырхага змауз, рхала ишыҟарҵо атәы рҳәеит. Иахьа изыцхыраатәу аҩнқәа быжьба ыҟоуп. Аҩнқәа ҩба рҟны аҩнымаҭәагьы акы иаԥсамкәа иахьыҟалаз ыҟоуп. Акомиссиаҟны иҳаӡбеит зегь раԥхьаӡа иргыланы ҩ-ҩнаҭак иаарласны ацхыраара рыҭатәуп ҳәа", - иҳәеит Хәарцкьиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.