АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Кавказ ашәарҭадара азҵаарақәа рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд мҩаԥысыр ҟалоит жьҭаара 5 рзы иҳәеит Цхинвал Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа ирԥылаз ОБСЕ аҟынтә ацхантәаҩ Виорел Мошану. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.
"ЕАА ахаҭарнакцәеи ҳареи ҳаиԥылеит. Москва урыстәылатәи аган рԥылара ҳагәҭакуп. Женеватәи аформат ҳадгылаҩцәоуп, ҳагьазыхиоуп жьҭаара 5 рзы ҩаԥхьа Женева ҳаицәажәара ацҵара. Аханатәгьы ари аформат адиалог ауп иззырхоу", - иҳәеит Мошану.
Аахыҵ Кавказ ахада иабжьгаҩ Константин Кочиев, аиҿцәажәарақәа рҿы уаԥстәылатәи аделегациа напхгара азҭо иҳәеит зҵаара хаданы ишыҟоу Қырҭтәыла амч ахамырхәараз адокумент анапаҵаҩра.
Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза раахыс, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа инадыркны. Аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны итема ахадны ишьоуп аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аганқәа амчра ахамырхәараз рҽазышәарақәа аазырԥшуа ҿырҳәалатәи аҳәамҭа аицыҟаҵара. Москва, Цхинвал, Аҟәа Қарҭ ахь ааԥхьара ҟарҵоит Қырҭтәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭара анапаҵаҩразы, аха Қарҭ уи мап ацәнакуеит.
Кавказ ашәарҭадара азҵаарақәа рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 56-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟан хәажәкырамзазы, аха аҿҳәара инахан.