Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арӡынба ахәшьара аиҭеит Қырҭтәылеи ҳареи ҳаимак ҩаԥхьа ахы цәырнагар ахьынӡалшо

© Sputnik / Томас Тхайцук Инал Ардзинба
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2022
Анапаҵаҩра
Аибашьра еилгеижьҭеи 29 шықәса шҵхьоугьы, Аҟәеи Қарҭи амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарымҩыцт.
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Аԥсни Қырҭтәылеи амч рхы ишадмырхәо азы рхыдҵақәа зну аиқәшаҳаҭра ахьрыбжьам иаанагоит аимак ҩаԥхьа ахы ыҵнахыр алшоит ҳәа, абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Sputnik аинтервиу аҭо.
"Ҳара даҽазныкгьы ишәгәалаҳаршәоит Қырҭтәыла аҽазыҟаҵара ишаҿу, уи шықәсыктәи арратә биуџьет 300 миллион доллар иҟоуп, усҟак аԥара ус баша-маша иазоурыжьӡом. Ҳара ҷыдала ҳазҿлымҳауп ари аҭагылазаашьа, ахҭысқәа еиуеиԥшымкәа рыҿиашьа ҳҽазыҟаҳҵоит", - иҳәеит аминистр.
Арӡынба иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа шаанкылоу, уи иахҟьаны аҭагылазаашьа ӡбамкәа ишаанхаз.
Иара убас иара далацәажәеит Аԥсны иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа инарыгӡо апроектқәа шгәарҭо. Атәыла Аконституциеи амилаҭтә интересқәеи ирҿагылоу акыр ҳбозар, урҭ русура аанаҳкылоит иҳәеит иара.
"Ари аҩыза аусура есыҽны имҩаԥаагоит. Рыцҳарас иҟоу, ус еиԥш апроектқәа ыҟоуп, урҭ хықәкыс ирымоу Аԥсны ажәлар агуманитартә цхыраара рыҭара акәӡам, аҩнуҵҟаполитикатә усқәа рыҽрылагалароуп ирҭаху. Ҳара урҭ ҷыдала ҳрыцклаԥшуеит.
Инал Арӡынба уи адагьы иҳәеит Урыстәылеи Аԥсни рзакәанԥҵарақәа шеизааигәартәуа, уи иабзоураны Аԥсны еиҳа аинвестициатә лшарақәа ирыцнаҵоит ҳәа.
Иара ишиҳәаз ала, аҩнуҵҟатәи алшарақәа ахьамам азы, Аԥсны адәныҟантәи аинвестициақәа адԥхьалатәуп, аинвесторцәеи атуристцәеи - атәылазы абиуџьет шьақәзыргыло аҵакы рымоуп. Азакәанԥҵарақәа реиуаршәара ахәҭаҷ хадақәа иреиуоуп ҩ-тәылауаҩрак рызҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра, уи хара имгакәа нап аҵаҩхоит иҳәеит Арӡынба.
Аминистр иазгәеиҭеит ари аусура алҵшәақәа убарҭоуп ҳәа - Аԥсны иаҳа-иаҳа иазҿлымҳахо иалагеит аурыс инвесторцәа рыдагьы, аҳәаанырцәынтәгьы, белоруссиантәигьы убрахь иналаҵаны.
Прием по случаю признания независимости Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2022
Аԥсны
Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш аҳаҭыр азы Москва агәырӷьаратә усмҩаԥгатә еиҿкаан
Ажәабжьқәа зегьы
0