Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла ААР: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аоперациа ҷыда радгылара - аиҩызара аарԥшыгоуп

Урыстәыла жәабран 24 азы Украина арратә операциа иалагеит. Киевтәи арежим аа-шықәса агеноцид иҭаргылан иамаз ауаа рыхьчара хықәкыс иамоуп иҳәеит Владимир Путин.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аоперациа ҷыда радгылара – аиҩызара аарԥшроуп ҳәа иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректор Денис Гончар.
"Ҳтәылақәа рыбжьара аусеицуреи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҟазаареи иаҿырԥшны иҟоуп Аҟәеи Цхинвали Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа иазыҟарҵо адгылара, Донбасс ауааԥсыра агуманитартә цхыраара ирырҭогьы налаҵаны", – иҳәеит иара.
Урыстәыла жәабран 24 азы Украина арратә операциа иалагеит. Киевтәи арежим аа-шықәса агеноцид иҭаргылан иамаз ауаа рыхьчара хықәкыс иамоуп иҳәеит Владимир Путин.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла хәажәкыра 25 азтәи аҭагылазаашьала урыстәылатәи арратә мчрақәа аоперациа ҷыда актәи ахәҭа нарыгӡеит – Украина арратә лшара акыр еиҵанатәит. Арратә операциа ахықәкы хада Донбасс ахақәиҭроуп.