Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа азыҟаҵара ҷыда змоу агәыԥ "Омега" агыларҭа ԥыржәеит Украина

Арра-космостә мчрақәа, аракетатә ар, артиллериа украинатәи ар ргыларҭақәа ааха ду рырҭоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа икылкаан ихысуа абџьар ала азыҟаҵара ҷыда змоу агәыԥ "Омегеи" 116-тәи аҵакырахьчаратә бригадеи ргыларҭа ԥыржәеит Украина, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Иҭархан 30 –ҩык аруааи 10 акк аибашьратә техникеи.
Уи адагьы амеханизациа зызуу 24-тәии 28-тәии абригадақәеи 46-тәи аеромобилтә бригадеи рыруаа 500-ҩыки 40 ак аибашьыга техникеи ҭадырхеит.
ДЖәР аҵакыраҿы аибашьраан 10-тәи ашьха-жәыларатә бригада 80-ҩык аибашьцәеи акәылӡмашьынақәа аабеи пикапқәа хәбеи ааха рырҭеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Херсонтәи аобласт аҿы иҭархоуп адиверсантцәа зҭаз украинатәи авертолиот Ми-8
Уахыки-ҽнаки рыла аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит УАМ анапхгараҭара ҭыԥқәа 7, 42 артиллериатә ҟәша, ауааԥсыра, аибашьыга техника 116 раион рҿы, иара убасгьы аракета-артиллериатә бџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа хәба.
Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа икарыжьит 12 украиатә дрон, абаллистикатә ракетақәа "Точка-У" ҩба, 30 РСЗО "HIMARS"; "Ольха" рыхгәыцәқәа.
Арратә операциа иалагазар ааха рыҭоуп: 293 ҳаирплан, 155 вертолиот, 1960 аԥырҩы дызҭам аппарат, 374 зенит-ракетатә комплекс, 4934 танк, 835 реактив-систематә машьынақәа, 3378 артиллериеи минаршәгеи рыхгәыцәқәа, 5602 ак аибашьыга автомобилтә техника.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла ААР: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аоперациа ҷыда радгылара - аиҩызара аарԥшыгоуп