Аԥсны

Кан Ҭаниа: Аԥсны аҩбатәи афронти Урыстәыла аганахьала анашԥа-еибашьреи

Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартра ахьынӡалшо, Украина иҟоу аҭагылазаашьа егьырҭ атәылақәа рҿы аимакқәа рырҿыхара ишацхраауа, ахԥатәи адунеизегьтәи аибашьра алагара уҳәа рызҵаарақәа арадио Sputnik аефир аҿы дрылацәажәеит Аԥсны ААР анапынҵа ҷыда змоу ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа.
Sputnik
Sputnik
Цәыббра 13 рзы аиҳабыратә партиа "Грузинская мечта" ахада Иракли Кобахиӡе далацәажәеит ареферендум амҩаԥгара алшо иалымшо, Қырҭтәыла ауааԥсыра аҩбатәи афронт аартра рҭаху ирҭахыму аилкааразы. Кан Ҭаниа иажәақәа рыла, Қырҭтәыла иҟанаҵалак иарбанзаалак аполитикатә шьаҿа ашәарҭара ацуп, цугцванг ҳәа изышьҭоу аҭагылазаашьаҿы иҟоуп.
Урыстәыла иаҿагыланы аҩбатәи афронт аанартыр, ахатә ҳәынҭқарра аҟазаара ашәарҭара иҭагылар алшоит, аибашьра мап ацәнакыр – Мраҭашәаратәи апартниорцәа ргәы ацәыхьшәашәахар алшоит.

"Ҳәарада, Қырҭтәыла ҩ-мцак ирыбжьагылоуп. Иалнахыроуп еиҳа ишәарҭам, ажәлар рҿаԥхьа, Мраҭашәаратәи аҩызцәа рҿаԥхьа, аҩыза гәакьа Украина аҿаԥхьа ахы ариашарц азы. Қырҭтәыла амчрақәа аибашьра иаҿагылоит. Дара ирҳәоит ареферендум мҩаԥгатәуп ажәлари амчрақәеи ргәаанагарақәа хҭак ишеицҭадыршәуа аарԥшразы ҳәа", - иҳәоит Ҭаниа.

Убри аан, адипломат игәаанагарала, Аԥсны аҭынчреиԥш аибашьрагьы иазыԥшызароуп. Уи азы ареспубликаҿ хымԥада арратә лшара рӷәӷәалатәуп, Қырҭтәыла Аԥсны аҵакырақәа ампыҵахалараз аҽазышәарақәа аанарԥшуанаҵы.
Аԥсны
Аԥсны ААР агәҭынчымра аанарԥшуеит Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартра алшарақәа иахьрылацәажәо

Актуалтә диалог

Ҭаниа игәаанагарала, иахьа Женеватәи аиҿцәажәарақәа уаанӡа аасҭагьы иаҭахны иҟоуп. Аиҿцәажәарақәа ирхықәкы хадоу аҭынчраз аиқәшаҳаҭра, Қырҭтәыла азин анаҭом Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи бџьаршьҭыхрала рықәлара.
Адипломат агәра ганы дыҟоуп адокумент анапаҵаҩра уажәы ишаамҭоу. Уи ишалнаршо арегион аҿы аибарххара арҭынчра, егьырҭ атәылақәа рзы ишҿырԥшыгахо.
Аха Қырҭтәыла аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иақәшаҳаҭым. Ус шакәугьы, Кан Ҭаниа игәаанагарала, аиҿцәажәарақәа хымԥадатәиуп аимак ду аԥырҟәҟәааразы.
"Аиҿцәажәарақәа мҩаԥгалатәуп ақырҭуа дипломатцәа реиԥш аиҿцәажәарақәа ирлахәылоу егьырҭ атәылақәа – ЕАА, Евроеидгыла, ЕАР, ОБСЕ рдипломацәагьы ргәаанагарақәа рдырразы", – иҳәеит иара.
Аԥсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рхықәкы хада арбану рҳәеит
Изаамҭанытәиу женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд азԥхьагәаҭоуп 2022 шықәса жьҭаара 5 рзы.

Адипломатцәа рыбжьы анымго, рыбжьы дыргоит абзарбзанқәа

Аԥсны ААР анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ игәаанагарала, адунеи аҿы анашԥа еибашьра ацара иаҿуп, Мраҭашәара атәылақәа Украина анапала Урыстәыла иабашьуеит.
Украина 2022 шықәса жәабранмзазы арратә операциа ҷыда ианалага ашьҭахь Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла асанкциақәа адҟарҵалеит, ҷыдала урыстәылатәи адипломатцәа атәылақәа ирылырцеит. Кан Ҭаниа игәаанагарала, ари уаанӡа иҵааркны иҟаз аимакқәа рҿыхара иахыҵхырҭахеит.
Аинфлиациа, асанкциақәа, афатә азы аилаӡара: Путин адунеитә ҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит
"Иарбанзаалак иаанкылоу аимак аҿы иҟоуп абжьаҟазацәа. Шамахамзар, ари ароль Америка, Урыстәыла, Евроеидгыла роуп знапы иану. Аганқәа алахәны адиалог анымҩаԥысуа, ацҳаражәҳәацәа аныбжьаҟазо – аимак аиҭацәырҵра еиҳа алшара маҷуп. Иахьа, урыстәылатәи адипломатцәа асеиԥш рызныҟәара аимадара-цҳақәа ықәрыблааит ауп иаанаго. Аимакқәагьы ана-ара ихәыҵҟьо еиҭалагеит. Аоперациа ҷыда аиҭакра дуқәа ирхыҵхырҭахеит, избанзар адипломатцәа аиԥылара, аицәажәара ианаҟәыҵ, еиддырҷаҷалаз аилаҳара иалагеит", - иҳәоит Ҭаниа.

Ахԥатәи адунеизегьтәи аибашьра ма анашԥа-еибашьра

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аполитикцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи еиҳа-еиҳа ахԥатәи адунеизегьтәи аибашьра иалацәажәо иалагеит. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь аҽынкыларатә механизм аԥҵан, абџьар аганахьалеиԥш адипломатиа аганахьалагьы. Уажәы иазымхоны иҟоу иара абри ауп иҳәоит адипломат.
Ахԥатәи адунеизегьтәи аибашьра алмыршаразы, иҵаарку аимакқәа раԥырҟәҟәааразы жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ҭышәынзыртәалоны иаԥҵаз Еиду амилаҭқәа реиҿкаара амодернизациа мҩаԥгатәуп. Ҭаниа игәаанагарала, иахьазы ЕАР анапынҵақәа азынанагӡом, еиуеиԥшым атәылақәа еиуеиԥшымкәа иахьрызнеиуа азы.
Лавров: Урыстәыла аганахь ала Мраҭашәара имҩаԥнаго анашԥа-еибашьра аиԥш ҟамлацт