Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла аракетатә хгәыцәқәа 50 ԥыржәеит

Иара убасгьы урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла, ДЖәР аҿи Херсонтәи аобласт аҿи адронқәа хәба карыжьит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik. Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла HIMARS, "Ольха" рыхгәыцәқәа 53 ԥыржәеит ДЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рҿы. Абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аусбарҭа иаанацҳауеит аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит: 234 раион рҿы УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа жәба, 65 артиллериатә ҟәша, аибашьцәеи аибашьыга техникеи. Ааха рыҭоуп аракета-артиллериатә бџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа хԥа, Соледар иқәыцҟьаан азенит-ракетатә комплексқәа "Оса-АКМ".
Николаев ақалақь аҿы Урыстәыла АКМ УАМ 28-тәи амотошьаҟатә бригада ҭадырхеит, Николаевтәи аобласт аҿы – украинатәи аҽазыҟаҵара ҷыдақәа рцентр "Юг".
Харьковтәи аобласт аҿы урыстәылатәи ар ааха анаҭеит УАМ амеханизациа зызуу 66-тәи абригадеи амилаҭеилыхцәа реиҿкаара "Кракени" ргыларҭақәа.
Северск араион аҿы ааха аҭан 80-тәи адесант-жәыларатә бригада.
Уахыки-ҽнаки рыла аӷа ицәыӡит 400-ҩык ишьуи ихәуи аруаа, 20 ак акәылӡтехника. Еиуеиԥшым ахгәыцә змоу 3000 џьаԥҳаны ртҟәацуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа азыҟаҵара ҷыда змоу агәыԥ "Омега" агыларҭа ԥыржәеит Украина