Аԥсны

Беслан Ешба Аԥсны лшарақәас иамоу атәы рзеиҭеиҳәеит бриансктәи анаплакыҩцәа

Аԥснытәи аделегациа Брианскҟа ицеит ақалақь амш азгәаҭара аныҳәа рҽаладырхәырц.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи, Брианск ахада Марина Дбари, аҭыԥантәи анаплакҩцәеи реиԥылара мҩаԥысит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аиԥылара иалахәын ааглыхратә усхки, атуризми, ақыҭанхамҩеи рхаҭарнакцәеи акәацкомбинат "Царьмясо" анапхгаҩи.
"Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп транзиттә лшарақәас иҳамоу. Ҳара иҳалшоит ахԥатәи атәылақәа рахь атауар, амаҵзурақәа, атехника рымҩангаразы ҳабжьаҟазахарц. Ҳара аинвестициатә закәанԥҵара бзиа ҳамоуп, ашәахтә ԥсшьарамшқәа азԥхьагәаҭоуп, даҽакала иуҳәозар, аусеицуразы еиуеиԥшым алшарақәа ҳамоуп", - иҳәеит Ешба.
Аҟәантәи аделегациа Брианскҟа ицеит цәыббра 17 рзы иазгәарҭо ақалақь амш иазкәу аныҳәа рҽаладырхәырц. Ари амш аҽны 1943 шықәсазы Брианск асовет ар афашист мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәит.
Аԥсны
Аҟәеи Бриански аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Ақалақьқәа Аҟәеи Бриански аиашьара рыбжьоуп. Уи азын рнапы аҵарҩит ақалақьқәа рхадацәа ԥхынгәы 13 2022 шықәсазы.