https://sputnik-abkhazia.info/20220917/beslan-eshba-asny-lsharaas-iamou-aty-rzeieieit-brianskti-anaplakytsa-1041556883.html
Беслан Ешба Аԥсны лшарақәас иамоу атәы рзеиҭеиҳәеит бриансктәи анаплакыҩцәа
Беслан Ешба Аԥсны лшарақәас иамоу атәы рзеиҭеиҳәеит бриансктәи анаплакыҩцәа
Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аделегациа Брианскҟа ицеит ақалақь амш азгәаҭара аныҳәа рҽаладырхәырц. 17.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-17T11:36+0300
2022-09-17T11:36+0300
2022-09-17T11:36+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/10/1041555766_0:1:900:507_1920x0_80_0_0_e3d242a533537f6e0fdbed44bb962e0d.jpg
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи, Брианск ахада Марина Дбари, аҭыԥантәи анаплакҩцәеи реиԥылара мҩаԥысит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь аусбарҭа апресс-маҵзура.Аиԥылара иалахәын ааглыхратә усхки, атуризми, ақыҭанхамҩеи рхаҭарнакцәеи акәацкомбинат "Царьмясо" анапхгаҩи."Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп транзиттә лшарақәас иҳамоу. Ҳара иҳалшоит ахԥатәи атәылақәа рахь атауар, амаҵзурақәа, атехника рымҩангаразы ҳабжьаҟазахарц. Ҳара аинвестициатә закәанԥҵара бзиа ҳамоуп, ашәахтә ԥсшьарамшқәа азԥхьагәаҭоуп, даҽакала иуҳәозар, аусеицуразы еиуеиԥшым алшарақәа ҳамоуп", - иҳәеит Ешба.Аҟәантәи аделегациа Брианскҟа ицеит цәыббра 17 рзы иазгәарҭо ақалақь амш иазкәу аныҳәа рҽаладырхәырц. Ари амш аҽны 1943 шықәсазы Брианск асовет ар афашист мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәит.Ақалақьқәа Аҟәеи Бриански аиашьара рыбжьоуп. Уи азын рнапы аҵарҩит ақалақьқәа рхадацәа ԥхынгәы 13 2022 шықәсазы.
https://sputnik-abkhazia.info/20220713/aei-brianski-auseitsurazy-aishaara-rybzhareit-1040230044.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/10/1041555766_112:0:788:507_1920x0_80_0_0_60b9665b00683b8a8e05c279ec32cd07.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Беслан Ешба Аԥсны лшарақәас иамоу атәы рзеиҭеиҳәеит бриансктәи анаплакыҩцәа
Аԥснытәи аделегациа Брианскҟа ицеит ақалақь амш азгәаҭара аныҳәа рҽаладырхәырц.
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи, Брианск ахада Марина Дбари, аҭыԥантәи анаплакҩцәеи реиԥылара мҩаԥысит ҳәа
аанацҳауеит аҳҭнықалақь аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аиԥылара иалахәын ааглыхратә усхки, атуризми, ақыҭанхамҩеи рхаҭарнакцәеи акәацкомбинат "Царьмясо" анапхгаҩи.
"Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп транзиттә лшарақәас иҳамоу. Ҳара иҳалшоит ахԥатәи атәылақәа рахь атауар, амаҵзурақәа, атехника рымҩангаразы ҳабжьаҟазахарц. Ҳара аинвестициатә закәанԥҵара бзиа ҳамоуп, ашәахтә ԥсшьарамшқәа азԥхьагәаҭоуп, даҽакала иуҳәозар, аусеицуразы еиуеиԥшым алшарақәа ҳамоуп", - иҳәеит Ешба.
Аҟәантәи аделегациа Брианскҟа ицеит цәыббра 17 рзы иазгәарҭо ақалақь амш иазкәу аныҳәа рҽаладырхәырц. Ари амш аҽны 1943 шықәсазы Брианск асовет ар афашист мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәит.
Ақалақьқәа Аҟәеи Бриански аиашьара рыбжьоуп. Уи азын рнапы аҵарҩит ақалақьқәа рхадацәа ԥхынгәы 13 2022 шықәсазы.