Аԥсны

Асанепидмаҵзура: иаарласны Аԥсныҟа иаагахоит акоронавирус азы алаҵа

Аԥсны акоронавирус азы алаҵаҟаҵара иалагеит 2021 шықәса лаҵарамзазы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Иаарласны Аԥсныҟа иаагахоит акоронавирус азы алаҵа. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит атәыла Асанепидмаҵзура аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Асҭана Аҩӡба.

"Иҳамоу адыррақәа рыла, мышқәак ирылагӡаны алаҵа ҳауеит", - иҳәеит иара.

Аԥсны ауааԥсыра алшара роуеит "Спутник V", "Спутник-Лайт" алаҵа аҟаҵара.
Аԥсны акоронавирус азы алаҵаҟаҵара иалагеит 2021 шықәса лаҵарамзазы.
Аԥсны агәабзиарахьчарра аминистрра адыррақәа рыла, ҳтәылаҟны 20 нызқьҩык рҟынӡа алаҵа ҟарҵеит. Урҭ рахьынтә 10 625-ҩык "Спутник V" ҟарҵеит, 8 465-ҩык - "Спутник Лайт".