Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла авиациеи артиллериеи украинатәи анапхгараҭаратә ҭыԥқәа еилаԥырххааит

Урыстәыла имҩаԥнаго арратә операциа ҷыдаан иқәхуп 3,4 нызқь рҟынӡа украинатәи адәынтәи артиллериа бџьари аминаршәгақәеи.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Урыстәыла авиациеи артиллериеи еилаԥырххааит украинатәи анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хԥа, иара убас аракетатә хысрақәа иахьырхылаԥшуа, қьыралатәи аҳәаанырцәтә еибашьцәа ахьгылоу америкатәи арратә еилахәыра "Академиа", амилаҭеилыхәцәа рбаза "Кракен" ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Афдерациа атәылахьчара аминистрра амҽыша.
"Аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракетатә архәҭақзеи, артиллериеи рхысрақәа ирыбзоураны еилаԥыххаауп аракетатә хысрақәа еиҿызкаауа агәыԥ "Приморье" Николаевтәи аобласт Шурино иахьаҵанакуа, УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хԥа Харьковтәи аобласти Червоныи Оскол иахьаҵанакуа, Запорожтәи аобласт Першотравневое иахьаҵанакуа, Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы Северск иахьаҵанакуа", - ҳәа ануп адокумент аҿы.
Иазгәаҭоуп ишыԥжәоу артиллериатә ҟәшақәа 47, аруаа, украинатәи арратә техника 127 раион рҿы, убри ахыԥхьаӡараҿы қьыралатәи аҳәаанырцәтә еибашьцәа ахьгылоу америкатәи арратә еилахәыра "Академиа", амилаҭеилыхәцәа рбаза "Кракен" Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы Красаторски Николаевки иахьрыҵанакуа.
Уи адагьы, Харьков иахьаҵанакуа еилаԥыххаауп быжь-нызқьи бжаки мраҭашәаратәи артиллериатә системақәа ирнаало аснариадқәа ахьышьҭаз УАМ амеханизациа зызуу 14-тәи абригада иатәу аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа, 128-тәи ашьха-жәыларатә бригада иатәу аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа Запорожтәи аобласт Долинка иахьаҵанакуа.