Аԥсны

Едуард Быҭәбеи Анатоли Гулини амашәырцәгьақәа рмедицина иалацәажәеит

Аиԥылараҟны аганқәа ҳтәылаҟны аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан ацхыраара лас аҿиара иалацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи амашәырцәгьақәа рмедицина ацентр аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Анатоли Гулини еиԥылеит, абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Быҭәбеи Гулини ирылацәажәеит аԥсабаратә рыцҳарақәеи атехногентә машәырқәеи рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхра, Урыстәылатәи амедусҳәарҭақәа инагоу рҟазауаа ателемедицинатә консультациақәа рымҩаԥгара, Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан ацхыраара лас аҿиара.
Амашәырцәгьақәа рмедицина- ари амедицинаҿы иҷыдоу ахырхарҭақәа иреиуоуп, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан ауаа рацәа ацхыраара лас рыҭара иадҳәалоуп.