АҞӘА, цәыббра 19 – Sputnik. Киргизиеи Таџьикисҭани рҳәааҿ аиҿахысрақәа раан иҭахеит Таџьикисҭан атәылауаа 41-ы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Таџьикисҭан ААР ахада ихаҭыԥуаҩ Садык Имоми ибрифинг аҿтәи идыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Киргизиеи Таџьикисҭани рҳәааҿ цәыббра 14-17 рзтәи аиҿахысрақәа раан иҭахеит Таџьикисҭан атәылауаа 41-ы. Ари ахыԥхьаӡара еиҳахар ҟалоит, избанзар ахәрақәа змоу рҟынтә ирацәаҩуп зҭагылазаашьа хьанҭоу", - иҳәеит иара.
Уаанӡа киргизиатәи аган адырра ҟанаҵахьан 59-ҩык ҭахеит, 163-ҩык ахәрақәа роуит ҳәа. Таџьикисҭан иҭахаз рыдагьы аахақәа роуит 30-ҩык.
Аҳәааҿы цәыббра 16 рзы иаалырҟьаны аҭагылазаашьа цәгьахеит. Еилкаам иарбан гану аԥхьа аҭынчра еилазгаз. Аганқәа дара-дара ахара рыдибаҵоит.
Аиҿахысрақәа аанкылан цәыббра 17 рзы, аха Таџьикисҭан ААР аҳәааҿ аҭагылазаашьа акыр еибарххоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.