Аԥсны

Ареферендум ҟалаӡом: аексперт Қырҭтәыла амчрақәа иҟарҵар рылшо атәы далацәажәеит

Цәыббра 13 рзы аиҳабыратә партиа "Грузинская мечта" ахада Иракли Кобахиӡе далацәажәеит ареферендум амҩаԥгара алшо иалымшо, Қырҭтәыла ауааԥсыра аҩбатәи афронт аартра рҭаху ирҭахыму аилкааразы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik. "Аҩбатәи афронт" аартра ҳәа Қырҭтәыла иҟанаҵаз аҳәамҭа аршәаразы акәӡам изрыларҳәаз ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит арратә експерт Гарри Қәпалба.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аибашьра аиҭахацыркра ахаангьы мап ацәнамкыцт, изныкымкәагь иазгәарҭахьеит аҵакыратә акзаара азҵаара шыӡбатәу. Аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы адипломатиатә еиҿцәажәара иадырцәылоит.
Аԥсны
Кан Ҭаниа: Аԥсны аҩбатәи афронти Урыстәыла аганахьала анашԥа-еибашьреи
Ус шакәугьы, Қәпалба игәаанагарала, азҵаара ҭынчмҩала аӡбаразы иаҭахуп арбџьар мчқәа реиҭарҿыцра. Қырҭтәыла уи активла иаҿуп.
Иара иинформациала, ақырҭуа ар 37 нызқьҩык рыла ишьақәгылоуп, 2022 шықәсазтәи абиуџьет 350 миллион доллар иҟоуп. Уи адагьы, 2008 шықәса раахыс ЕАА Қырҭтәыла иазоунажьхьеит миллиард доллар инеиҳаны арбџьармчқәа реиҭарҿыцразы.
"Қырҭтәыла есышықәса имҩаԥыргоит НАТО атәылақәа злахәу аҽазыҟаҵарақәа. Ҳәарада, Қырҭтәыла арҭ ашықәсқәа зегьы аибашьра аҽазыҟанаҵоит "аҵакырақәа" рыргьежьразы. Мышкызны, ҭынчмҩала иамур, аибашьра иалагоит", - иҳәеит иара.
Қәпалба агәра ганы дыҟоуп Қырҭтәыла "аҩбатәи афронт" аартразы ареферендум мҩаԥыргом ҳәа.
"Иарбанзаалак референдумк мҩаԥыргашам. Аха имҩаԥыргаӡаргьы, иахьазы Қырҭтәыла ауааԥсыра аибашьраз рыбжьы рҭираны иҟаӡам. Қырҭтәыла ажәлар аҭынчра рҭахуп. Кахетиа ма Шәантәыла инхо анхаҩы атәыла акзаара аиҳа ҭынч анхара иҭахуп. Иҭахуп аҳәынҭқарра ишәарҭадара ахьчалар, економикала дышьҭаханы дыҟамзар", - иҳәеит иара.
Гарри Қәпалба иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Урыстәыла иадҟаҵалаз асанкциақәа ирыдымгылеит ашәарҭадара, аекономикатә хылҿиаақәа, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара астатегиатә еиқәшаҳаҭрақәа, Аԥсны иҟоу арратә база уҳәа рымзыз ала.
"Рхаҭа ирҳәоит изықәтәоу амахә аԥҟара шырҭахым. Қырҭтәыла асанкциақәа ирыдгылар, иамоу зегь ацәыӡуеит. Урыстәыла - гәылоуп. Агәыла иеисра абзиарахь унанагаӡом. Дара уи еилыркаауеит", - иҳәеит аексперт.
Цәыббра 13 рзы аиҳабыратә партиа "Грузинская мечта" ахада Иракли Кобахиӡе далацәажәеит ареферендум амҩаԥгара алшо иалымшо, Қырҭтәыла ауааԥсыра аҩбатәи афронт аартра рҭаху ирҭахыму аилкааразы.
Уаанӡа Аԥсны ААР аминистр Инал Арӡынба Ауаажәларратә еиҿкаара реилатәараҟны иҳәеит Қырҭтәылеи НАТОи аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит, аԥырҩыдатә хархәагақәа аархәоит – ари аибашьра аҽазыҟаҵароуп иаанаго ҳәа.
Аԥсны
Аԥсны ААР агәҭынчымра аанарԥшуеит Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартра алшарақәа иахьрылацәажәо