Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Ареспублика амш идиныҳәалеит

Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы адекларациа рыдыркылеит цәыббра 20 1990 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Алан Гаглоев Аахыҵ Уаԥстәылатәи Асоветтә Демократиатә Республика аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа адкылара амш идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аахыҵ Уаԥстәыла шьаҿа ӷәӷәала аҳәынҭқарратәра арӷәӷәара, асоциал-економикатә ҿиара амҩала инеиуеит, аиҷаҳаарала еиқәырханы иаанагоит ибеиоу акультуреи атрадициақәеи",- аҳәоит адныҳәалараҟны.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит ҳҳәынҭқаррақәа аишьаратә еизыҟазаашьақәа шрыбжьоу, Бжьаниа агәрагара ааирԥшит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реимадарақәа ҳажәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала есааира реихаҳара шалыршахо азы.
Иара убас Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега иахь адныҳәалара ҟаиҵеит Жәлар Реизара ахантәаҩы Лаша Ашәба.
Аԥсны
Аԥсны ААР Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит