Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит

© Sputnik / Томас Тхайцук Лого МИДа Абхазии
Лого МИДа Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2022
Анапаҵаҩра
32 шықәса раԥхьа, цәыббра 20 1990 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәыла автономтә област аҟынтәи СССР иалахәылоу асовет демократиатә республикаҟынӡа астатус ашьҭыхраз аӡбра рыдыркылеит Жәлар рдепутатцәа Рхеилак.
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика амш инадҳәаланы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
"Иахьа Аахыҵ Уаԥстәыла аҿиарамҩа иануп, иара жәларбжьаратәи аренаҿы апозициақәа арӷәӷәоит. Агәрагара ҳамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаҧстәыла Ареспубликеи рҩызаратә еизыҟазаашьа ԥхьаҟагьы аҿиара амҩала ишцо азы", - аҳәоит адныҳәалараҟны.
Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Амша азгәарҭоит цәыббра 20 азы. Цәыббра 20, 1990 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәыла автономтә област аҟынтәи СССР иалахәылоу асовет демократиатә республикаҟынӡа астатус ашьҭыхраз аӡбра рыдыркылеит Жәлар рдепутатцәа Рхеилак. Адекларациа адкыларала иҟаҵан раԥхьатәи ашьаҿа ахьыԥшымреи жәларбжьаратәи азхаҵареи рымҩахь.
Ажәабжьқәа зегьы
0