Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР-и ЛЖәР-и рҟны ареферендумқәа анымҩаԥырго аҿҳәара азгәаҭоуп

Ареспубликақәа рхадарақәа рыӡбрақәа шьаҭаны ирымоу ауааԥсыра рыхьчареи ҭынчмҩала рынхара аиҿкаареи роуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Урыстәыла алаларазы ареферендумқәа аамҭак ала имҩаԥгахоит Лугансктәии Донецктәии жәлар рреспубликақәа рҿы цәыббра 23 инаркны 27 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ДЖәР ахада Денис Пушилин иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Пушилин иажәақәа рыла, ари аӡбра Донбасс ауааԥсыра ршәарҭадара аиҿкаара ауп ҵаҵӷәыс иамоу.
Ареферендум мҩаԥыргарц шырҭаху азы адырра ҟарҵеит Запорожтәии Херсонтәии аобластқәа. Арҭ аобластқәа рхадарақәа рҭаххарагьы зыдҳәало ашәарҭадара аиҿкаароуп. Херсонтәи аобласт ахадара аӡбра рыдыркылахьеит, Запорожие ауаажәларратә еиҿкаара "Мы вместе с Россией" аоблас ахада иахь азыҳәа ҟанаҵеит. Аиҿкаара анапхгаҩы Владимир Рогов иажәақәа рыла, ареферендум хара имгакәа имҩаԥгахоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла алаларазы ареферендумқәа мҩаԥгахоит Донбасс