Аԥсны

Гагра ахақәиҭтәраз иҭахаз рҭаацәарақәа ашәарақәа рыҭахоит

Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар рҟынтәи Гагра араион ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра азгәаҭахоит жьҭаара 6 азы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20– Sputnik, Бадри Есиава. Гагра ахьчареи ахақәиҭтәреи раан иҭахаз аибашьцәа рҭаацәарақәа 30-30 нызқьмааҭ рызшәахоит. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
Гәынԥҳа лажәақәа рыла, асиа иарбоуп 1992 шықәса нанҳәа 15 инаркны жьҭаара 6 рҟынӡа иҭахаз 111-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, иара убас Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз 15-ҩык.
"Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архив ишьақәнарӷәӷәаз асиақәеи Гагра араион ахақәиҭтәра 30-шықәса ахыҵра амҩаԥгараз акомиссиа ақәшаҳаҭралеи араион ахада Иури Хагәышь иқәҵарала аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи Гагра ахьчареи ахақәиҭтәреи раан иҭахаз аибашьцәа рҭаацәарақәа 30-30 нызқьмааҭ рызшәахоит. Иара убасгьы дара ирыҭахоит аҩыра зну агәаларшәагақәа", - лҳәеит Гәынԥҳа.
Гәынԥҳа лажәақәа рыла хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәарақәак Аиааира амш азы ԥсшьараҳәа есышықәса Пицундаҟа иаалоит. Уа Гагратәи анапхгара аԥаратә гәазыҟаҵареи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи рырҭоит. Аԥсны ауааԥсыра ракәзар, Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы инхо жьҭаара 3 асааҭ 12:00 рзы Акультура Ахан аҿы ирзыԥшуп.
Аԥсны
Ахатәгәаԥхаҩцәа рыхьӡ ахҵоуп Гагра араион апаркқәа руак
"Цәыббра 26 азы Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз рҭаацәарақәа рԥыларазы Аҟәа, Аҟәеи Очамчыреи араионқәа рҭаара ҳгәы иҭоуп", - лҳәеит Гәынԥҳа.
Ари ауснагӡатә анагӡаразы 3,3 миллион мааҭ Гагра араион абиуџьет аҟынтәи иаагоуп.
Жьҭаара 6, 1992 шықәсазы аԥснытәи аибашьцәеи хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәеи Гагра араион ахы иақәиҭтәны Ԥсоу аҳәааҿы атәыла абираҟ ахадыргылеит.