Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахатәгәаԥхаҩцәа рыхьӡ ахҵоуп Гагра араион апаркқәа руак

© Sputnik / Саида ЖибаДень добровольцев
День добровольцев - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2022
Анапаҵаҩра
ГАГРА, нанҳәа 15 - Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион Ԥсахара ақыҭан Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҷкәынцәа рбаҟа ахьышьақәыргылоу апарк ахатәгәаԥхаҩцәа рыхьӡ ахырҵеит. Ари аҩыза аӡбамҭа шрыдыркылаз атәы лҳәеит Гагра араион ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа нанҳәа 15 рзы Ахатәгәаԥхаҩцәа ргәалашәара амш аҳаҭыразы еиҿкааз аусмҩаԥгатә аан.
Церемония возложения цветов в Гагре 14 августа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2022
Аԥсны
Гаграа иргәаладыршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа
Ԥхынгәы 15 рзы, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рымш аҽны, Гагра ақалақь, Мамзышьха аҳаракыраҟны ишьақәыргылоу, Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз Нхыҵ-Кавказтәи аҟабарда рԥарцәа Ибрагим Науржанови, Нургали Канукови, Ҳасан Алхасови, Гәдоуҭа араион иалҵыз Валери Смыри рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит арҭ амшқәа рзы Нхыҵ-Кавказынтәи иааны иҟоу ҳашьцәа аветеранцәа, Гагра араион Ахадара, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи.
© Sputnik / Саида ЖибаДень добровольцев
День добровольцев - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2022
День добровольцев
Иара убас ашәҭшьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Ԥсахара ақыҭан ишьақәыргылоу, Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз, Аахыҵ Уаԥстәылантәи иааны еибашьуаз Џьамал Сиукаеви, Роберт Петров-Кокоеви, Ацамаз Маргиеви рбаҟа амҵангьы.
Ари агәалашәаратә мшы аламҭалазы, Гагра араион анапхгара раԥшьгарала Мамзышьхеи Ԥсахареи ишьақәыргылоу абаҟақәеи урҭ рҵакырақәеи еиҿкаан. Мамзышьхатәи ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟа аҵакыра хкаауп, еиҭаҳауп ашәҭқәа. Ԥсахаратәи аҟны акыдҩылақәа рҿыцуп. Акәша мыкәша ишьҭаҵоуп ахаҳә, еиҭаҳауп аиаҵәара. Анаҩс ари аҭыԥ аҟны имҩаԥгахоит аусурақәа аҩбатәи рыхәҭа. Аҭыԥантәи анхацәеи асасцәеи рзы иаԥҵахоит аԥсшьаразы аҭагылазаашьа.
"Гагра араион ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, араион анапхгара иазаҳаӡбеит зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа рбаҟақәеи урҭ рҵакырақәеи реиҿкаара. Убас излаҳалшоз ала ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟақәа нап адаҳкылеит. Ԥсахара Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҷкәынцәа рбаҟа ахьышьақәыргылоу апаркгьы ахатәгәаԥхаҩцәа рыхьӡ ахаҳҵеит", - ҳәа азгәалҭеит Хана Гәынԥҳа.
Хронику войны показали в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2022
Аԥсны
Ҩаԥхьа аҭоурых иагәылаԥшит: аибашьра ахроника ддырбеит Гагра
Ԥсахара ақыҭан ишьақәыргылоу ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟа иавагылоу БРДМгьы шәын. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аиабшьра мызқәак шагыз, Аҟәантәи, Аҩнуҵҟатәи архәҭақәа рполк аҟнытә, Пицундаҟа, аԥсуа гвардиа ахьеиҿкааз иаашьҭын ари аибашьыга машьына. Иаразнакгьы араҟа амеханик-аныҟәцаҩ Виктор Шьершьелиа, ақәкыҩцәа-аоператорцәа Емзар Амԥар, Гарик Пандалион, аимадаҩ Нодар Адлеиба рыла ишьақәгылеит аекипаж, хьӡысгьы иахылеит "Старыи" ҳәа. Арҭ арԥарцәа рахьтә иахьа зыԥсы ҭоу днымхаӡеит. Виктори Нодари аӷацәа иҭадырхеит. Емзари Гарики аибашьра ашьҭахь рыдунеи рыԥсахит.
© Sputnik / Саида ЖибаДень добровольцев
День добровольцев - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2022
День добровольцев
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан, хатәгәаԥхаҩык – шәҩыуаак драҩсуан. Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәеи, Ҭырқәтәылеи уҳәа рҟынтә иааз ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәеи рыбзоурала, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рыҩнуҵҟа агәшәара цәырҵит, рымч иақәымгәыӷуа иҟалеит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра иалагӡаны, аиашьаратә тәыла рыԥсы ахҭнырҵеит 250-ҩык инареиҳаны ахатәгәаԥхаҩцәа. Дара рахьтә 50-ҩык инареиҳаны Аԥсны Афырхаҵа хәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп, иара убас Леон иорденқәа 200-ҩык инареиҳаны, "Агәымшәаразы амедалқәа - 600-ҩык инареиҳаны иранашьоуп.
Мамзышьха аҳаракыраҿы иҭахаз Нхыҵ Кавказтәи арԥарцәа рбаҟа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2022
Аԥсны
Машәыршәа акгьы ҟалом: хатәгәаԥхарала иҭахаз ргәалашәара иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0