Аԥсны

Очамчыра араион ахәҭак лашарада иаанхоит

Афымцатә ҳақәа рҟны имҩаԥгахо аусурақәа ирыхҟьаны астанциа маҷқәа "Мықә", "Кәачара" аҿыхзаауеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20- Sputnik. Очамчыра араион ахәҭак лашарада иҟазаауеит иахьа цәыббра 20 рзы, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Асааҭ 10:00 инаркны 17:00 рҟынӡа авольтҳарак цәаҳәа "Мықә" дырцәоит, фымцалашарада иаанхоит астанциа маҷқәа "Мықә", "Кәачара".
Арцәарақәа афымцатә ҳақәа рҟны имҩаԥырго аусурақәа ирыхҟьоит.