Абнацгәы хәыҷы Аԥсны аӡиа ахьӡ ахьӡырҵеит

Апрограмма мҩаԥысуеижьҭеи аԥсабарахь иоушьҭын 13 бнацгәы, урҭ рҟынтәи жәба Кавказтәи ашьхарақәа рҿы инхоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20- Sputnik. "Кавказ алеопарджәла аиҭашьақәыргылара Ацентр" аҿы ииз абнацгәы Аԥсны аӡиа Риҵа ахьӡ ахьӡырҵеит, аанацҳауеит Ацентр апресс-маҵзура.
"Абнацгәы аба Нхыҵ Кавказ аӡиасқәа иреиҳау Терек ахьӡ ахьӡырҵеит, егьи Аԥсны аӡиа Риҵа ахьӡ ахьӡырҵеит ", - аҳәоит адырраҿы.
Азиа-ааигәатәи абнацгәы Кавказ аиҭашьақәыргылараз апрограмма аԥҵан аԥстәқәа аԥсабара разырхынҳәраз. Апрограмма иахықәкуп алышькьынтарқәа Кавказ урыстәылатәи ахәҭа аҵакыраҿ реиҭашьақәыргылара. Уи азы аԥсабарахь ирхынҳәтәуп 50 ԥстәы.
Ес-ҩышықәса аԥсабарахь иоурышьҭуеит хԥа-ԥшьба ԥстәы. Абас ала апрограмма анагӡараз 15-20 шықәса аҭаххоит.
Шәачатәи амилаҭтә парк аҟынтәи х-бнацгәык абнахь иоушьҭуп