Шәачатәи амилаҭтә парк аҟынтәи х-бнацгәык абнахь иоушьҭуп

© Sputnik / Илья Наймушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГод Тигра по лунному календарю в парке флоры и фауны "Роев ручей"
Год Тигра по лунному календарю в парке флоры и фауны Роев ручей - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2022
Анапаҵаҩра
Ацгәаб Леои ацгәаԥсқәа Хостеи Лауреи 2020 шықәса рзы иит, дара Нхыҵ Уаԥстәыла ашьхарахь иоушьҭуп.
АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Шәачатәи амилаҭтә парк аҟны "Кавказ алеопарджәла аиҭашьақәыргылара Ацентр" аҿы ииз азиа-ааигәатәи алеопардқәа хԥа абнахь иоурышьҭит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Аԥсабара аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иганы.
Абнацыгәқәа аурышьҭраны иахьыҟаз Нхыҵ Уаԥстәыла ашьхарахь вертолиотла иааргеит, иҷыдоу абыцаҟьа иҭартәаны.
"Агыгшәыгқәа рхала ишәарыцоит, аԥстәқәа ауаҩытәыҩсеи аҩнытә ԥсаатәқәеи рганахьала ареакциа бзиа рымоуп, Кавказ ашьхақәа рыԥсабарахь аушьҭра иазыҟаҵоуп", - аҳәоит адырраҭара.
Аҵарауаа абнацыгәқәа ирышьклаԥшлоит ирырҭо амикро-чипқәа ирыбзоураны, урҭ рыла еилыркаалоит агыгшәыгқәа ахьыҟоу, насгьы ишәарыцо ма рыԥсы ршьо. Арҭ адыррақәа аҭҵаара ус аҿы ихымԥадатәиуп.
Урыстәыла Аԥсабара аминистр Александр Козлов иажәақәа рыла, абнацыгәқәа аԥсабарахь роушьҭра аҟазауаа аӡәырҩы русура иалҵшәоуп - аҵарауаа, аветеринарцәа, аволонтиорцәа. Иазгәеиҭеит, азиа-ааигәатәи алеопарджәла аиҭашьақәыргыларазы 50 хкы иреиҵамкәа ишырҭаху. "Кавказ алеопарджәла аиҭашьақәыргылара Ацентр" ари аус иацнаҵоит.
архивтә фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2020
Алеопардқәа Кәыдри Лабеи: Кавказтәи аҳәырԥсарраҿы аҿыцынхацәа ҟалоит
Ацентр аартын 2007 шықәсазы, адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны абнаԥсабараҿ иркыз, идухахьаз ацгәаԥси ацгәабеи рҟынтәи ахылҵ еицит, урҭ абнарахь иоушьҭын.
Раԥхьатәи азиа-ааигәатәи алеопардқәа хԥа аԥсабарахь рхы иақәиҭны иоурышьҭит 2016 шықәса рзы, даҽа хԥа - 2018 шықәсазы, даҽа ԥшьба - 2020 шықәсазы.
2016 шықәсазы абнарахь иоушьҭыз абнацгәы Килли 2019 шықәсазы Аԥснытәи ашьхарақәа рҟны ашьацҳәа иакит. Ашәарыцаҩцәа ашьацҳәа иакыз ашәарах рыжәларц ианаҿыз иршьит.
Леопард в селе Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2017
Аԥсны иааныркылаз абжьас аԥсабарахь иоурмыжьыр алшоит
Лыхны ақыҭан 2017 шықәса абҵарамзазы иркит Викториа, нас Урыстәылаҟа идырхынҳәит. Аамҭақәак рышьҭахь аԥсабарахь иоушьҭын, аха нас иԥсны ирбеит.
Азиа-ааигәатәи абнацгәы Кавказ аиҭашьақәыргылараз апрограмма мҩаԥысуеит 2009 шықәса раахыс Владимир Путин идҵала. Уажәы Кавказ иахьаҵанакуа арҭ абнацыгәқәа шамахамзар иубом. Дара Ашәҟәы ҟаԥшь иҭагалоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0