Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин аиадертә бџьар ала Урыстәыла зыршәо ргәырҽаниҵеит

Урыстәыла ахада ауаажәларрахь иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит, урыстәылауаа агәрахаҵара рымазаарц "атәыла аҵакыратә акзаареи ахьыԥшымреи ахақәиҭреи шеиқәхо" азы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аиадертә бџьар ала Урыстәыла зыршәо ргәырҽаниҵеит "аԥша дара рахь иасыр" шауа.
Мраҭашәара аганахьынтә аиадертә шантаж рхы иадырхәоит, Урыстәыла амассатә нырҵәага абџьар ала ҳаҿагылоит ҳәа рҳәоит, ҳәа азгәеиҭеит Владимир Путин ажәлар рахь иааԥхьараҿы.
Иара иазгәеиҭеит Урыстәыла аҵакыратә акзааразы Москва иамоу ахыхьчагақәа зегьы ахы ишанархәо.
"Урыстәыла аиадертә бџьар ала ашантаж ҟазҵо ирдыруазааит "аԥша дара рахь иасыр" шауа", - иҳәеит ахада.
Мраҭашәара иахықәку Урыстәыла арԥсыҽра, арҟәра, ақәырӡаароуп ҳәа иҳәеит Владимир Путин ажәлар рахь иҳәамҭаҿы.
"Иаартны ирҳәоит 1991 шықәсазы Асовет Еидгыла аиларбгара шрылшаз, уажәы Урыстәыла аамҭа ааины ишырыԥхьаӡо, еиӷацәоу, еибашьуа арегионқәа рыла ишеиҟәыршо", - иҳәеит Путин.
Путин иажәақәа рыла арратә операциа ада ԥсыхәа ыҟамызт. Иара иахықәкы хадоу Донбасс аҵакыра ахақәиҭтәра иахьагьы ишыҟац иаанхоит.
Ахада иазгәеиҭеит, Лугансктәи Жәлар Рреспублика аиҳарак амилаҭеилыхыҩцәа рҟынтәи ахы ишақәиҭу. Донецктәи Жәлар Рреспублика ахақәиҭтәразы ажәыларақәа цоит.