Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шоигу анапынҵа ҟаиҵеит хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакразы аусԥҟа анагӡара иалагарц

Владимир Путин Иусԥҟала цәыббра 21 азы Урыстәыла хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра рылаҳәоуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу аусбарҭа аколлегиа аилатәараҟны анапынҵа ҟаиҵеит хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакразы аусԥҟа анагӡара иалагарц.
"Адҵа (директива-аред.) снапы аҵазҩит, асубиектқәа зегьы рыдҵақәа еихшоуп. Аштаб хада ар рҟны амобилизациа амҩаԥгара аԥҟарақәа рзы абжьагарақәа мҩаԥгоуп", - иҳәеит аминистр.
Иара иҳәеит атәылауаа адырра рыҭара еиҿкаазарц, аичырчырақәа рҿагылара еиҿкаазарц, аизарҭатә ҭыԥқәеи адырраҟаҵарҭатә ҭыԥқәеи рыхьчара рӷәӷәазарц.
Шоигу иазгәеиҭеит аҽеизакра иаҵанакыз атәылауаа еилаӡарала еибашьуа рыстатус шроуа, урҭ рулафахәыԥҵәа инақәыршәан аԥарашәара шрыҭахо.
Аҽеизакрахь анаԥхьараз рыҿҳәара инахоуп атәылахьчаратә наплакқәа русзуҩцәа.
Владимир Путин Иусԥҟала цәыббра 21 азы Урыстәыла хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакразы рылаҳәоуп. Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иажәақәа рыла, ари аҭахны иҟоуп 1000 километра инаӡо аинырратә цәаҳәеи Украина зых иақәиҭтәу аҵакырақәеи рхылаԥшразы. Ахәҭакахьалатәи амобилизациа 300 нызқьҩык рҟынӡа арезервистцәа еиднакылоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Владимир Путин хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра рылеиҳәеит